Қырҭтәыла акоронавирус 888 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 2 831 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 888 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 2 831ҩык, 17ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 21 620 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 10,92%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 7,54%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 1 639 678 афактқәа аарҧшуп, урҭ рҟынтә 1 594 011 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 16 612 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 2 838 287 алаҵақәа.