Қырҭтәыла акоронавирус 849 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1855 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 849 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 1855ҩык, 13ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 20 286 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 9,04%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 5,87%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 1 641 399 афактқәа аарҧшуп, урҭ рҟынтә 1 596 779 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 16 643 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 2 841 572 алаҵақәа.