Қырҭтәыла акоронавирус 848 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1231 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 848 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 1231ҩык, 15ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 18 194 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 4,66 %, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 4,6 %, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 4,92 %.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара ҟарҵахьеит 357 106 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 388 329 ҩык, урҭ рҟынтә 366 250 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 5566 ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 71 ҩык, астационарқәа рҿы — 4 446 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 1 092 ҩык апациентцәа.