Қырҭтәыла акоронавирус 833 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1 205 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 833 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 1 205 ҩык, 19 ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 28 191 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 2,95 %, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 3,16%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 2,91 %.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара ҟарҵахьеит 155 538 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 346 983 ҩык, урҭ рҟынтә 330 721 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 4 853 ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 27 ҩык, астационарқәа рҿы — 3 490 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 639ҩык апациентцәа.
Иацы, рашәара 2 азы, Қырҭтәыла акоронавирус 954 афактқәа аарҧшын, 896 ҩык ачымазара иалҵит.