Қырҭтәыла акоронавирус 823 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1445ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 823 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 1445ҩык, 29ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 7729 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 15,64%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 12,69%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 1 635 509 афактқәа аарҧшуп, урҭ рҟынтә 1 585 885 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 16 554 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 2 832 994 алаҵақәа.