Қырҭтәыла акоронавирус 818 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 783ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акороанвирус 818 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 783ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, 14ҩык иҧсит. Ари аинформациа жәбар шәылшоит аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 18 822 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус арбагақәа: ҽнакала — 4,35 наӡына, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 2,98 наӡына, бжьымш рыла — 3,41 наӡына.
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 295 358ҩык ауааҧсыра, урҭ рҟынтә 280 915ҩык ачымазара иалҵхьеит, 3 939ҩык иҧсит.
Атәылаҿы авакцина ҟарҵахьеит 29 184ҩык.
Акарантин аҿы иҟоуп 310ҩык, астационарқәа рҿы — 2 982ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы — 439ҩык.
Иацы Қырҭтәыла акоронавирус 1 219 афакт ҿыцқәа аарҧшын, 301ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит.