Қырҭтәыла акоронавирус 780 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1 608ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акоронавирус 780 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1 608ҩык ачымазара иалҵит, 17ҩык апациентцәа иҧсит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла аиҳабыра рпрессмаҵзура.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы иҟаҵан акоронавирус азы 9 083 атестқәа, урҭ рҟынтә 4 796 експресс-тестеи 4 287 PCR-тестқәеи.
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Қырҭтәыла акоронавирус ҿыркааит 247 805ҩык, урҭ рҟынтә 232 993ҩык ачымазара иалҵхьеит, 2 933ҩык апациентцәа иҧсит.