Қырҭтәыла акоронавирус 779 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 959 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 779 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 959 ҩык, 23 ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 30 026 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 2,59 %, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 3,06 %, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 2,9 %.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара ҟарҵахьеит 161 947 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 347 762 ҩык, урҭ рҟынтә 331 680ҩык ачымазара иалҵхьеит, 4876 ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 27 ҩык, астационарқәа рҿы — 3 516 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 619ҩык апациентцәа.
Иацы, рашәара 3 азы, Қырҭтәыла акоронавирус 833 афактқәа аарҧшын, 1205 ҩык ачымазара иалҵит.