Қырҭтәыла акоронавирус 776 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1329ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 776 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 1329ҩык, 16ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 31 982 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 2,43%, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 5,56%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 4,79%.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара ҟарҵахьеит 77 343 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 326 441ҩык, урҭ рҟынтә 306 264 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 4379ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 73ҩык, астационарқәа рҿы — 4 278 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 710ҩык апациентцәа.
Иацы, лаҵара 12 азы, Қырҭтәыла акоронавирус 1409 афактқәа аарҧшын, 1256ҩык ачымазара иалҵит.