Қырҭтәыла акоронавирус 754 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 438 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 754 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 438 ҩык, 18 ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 35 928 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 2,1%, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 2,47%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 2,33%.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара ҟарҵахьеит 251 529 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 362 937ҩык, урҭ рҟынтә 348 705 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 5255 ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 35 ҩык, астационарқәа рҿы — 2592 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 585ҩык апациентцәа.