Қырҭтәыла акоронавирус 741 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 945 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 741 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 945 ҩык, 18 ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 31 350 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 2,36%, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 2,49%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 2,4 %.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара ҟарҵахьеит 221 156 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 356 920 ҩык, урҭ рҟынтә 342 720 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 5 114 ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 42 ҩык, астационарқәа рҿы — 2926 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 602ҩык апациентцәа.