Қырҭтәыла акоронавирус 740 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 496ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 740 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 496ҩык, 14ҩык апациенцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 20 549 атестқәа.
Атәылаҿы аҵоурара арбагақәа: есымшатәи — 3,6%, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 2,9%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 2,4%.
Инеизакны, Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 266 462ҩык, урҭ рҟынтә 259 228ҩык ачымазара иалҵхьеит, 3377ҩык иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 242ҩык, астационарқәа рҿы — 1848ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 230ҩык.
Иацы, жәабран 15 рзы Қырҭтәыла акороанвирус 165 афактқәа аарҧшын, 639ҩык ачымазара иалҵит.