Қырҭтәыла акоронавирус 733 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1 530 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 733 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 1 530 ҩык, 20ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 16 972 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 4,32, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 4,04%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 4,21%.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара ҟарҵахьеит 112 192 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 337 573 ҩык, урҭ рҟынтә 318 599 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 4 622 ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 84 ҩык, астационарқәа рҿы — 4 152 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 669ҩык апациентцәа.
Иацы, лаҵара 22 азы, Қырҭтәыла акоронавирус 1 071 афактқәа аарҧшын, 680 ҩык ачымазара иалҵит.