Қырҭтәыла акоронавирус 723 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1407 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 723 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 1407 ҩык, 28 ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 25 300 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 2,86%, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 3,46%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 3,46%.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара ҟарҵахьеит 138 151 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 343 603 ҩык, урҭ рҟынтә 326 423 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 4 757 ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 47 ҩык, астационарқәа рҿы — 3 815 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 661ҩык апациентцәа.
Иацы, лаҵара 29 азы, Қырҭтәыла акоронавирус 986 афактқәа аарҧшын, 986ҩык ачымазара иалҵит.