Қырҭтәыла акоронавирус 707 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 592ҩык ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 707 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 592ҩык ачымазара иалҵит, 8 ҩык иҧсит. Ари аинформациа жәбар шәылшоит аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 24 823 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус арбагақәа: ҽнак ала — 2,85%, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 2,26%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 2,5%.
Аепидемиа ҟалеижьҭеит Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 288 396ҩык, урҭ рҟынтә 277 303ҩык ачымазара иалҵхьеит, 3 877 ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 198ҩык, ахәышәтәырҭақәа рҿы — 2 298ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы — 309ҩык.
Иацы Қырҭтәыла акоронавирус 506 афактқәа аарҧшын, 285ҩык ачымазара иалҵит.