Қырҭтәыла акоронавирус 705 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 1128ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 705 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 1128ҩык, 14ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы иҟаҵан 33 253 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аарҧшра арбагақәа: есымшатәи — 2,12 наӡына, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 2,75 наӡына, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 2,59 наӡына.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 351 954ҩык, урҭ рҟынтә 337 023ҩык ачымазара иалҵхьеит, 4996ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы авакцинациа иахысит 191 001ҩык.
Акарантин аҿы иҟоуп 38ҩык, ахәышәтәырҭақәа рҿы 3230ҩык, аковид сасааирҭақәа рҿы 594ҩык.
Иацы, рашәара 9 рзы, Қырҭтәыла акоронавирус 821 афактқәа аарҧшын, 866ҩык ачымазара иалҵит.