Қырҭтәыла акоронавирус 699 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 614 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 699 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 614 ҩык, 9 ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 34 104 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 2,05%, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 2,45%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 2,45%.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара ҟарҵахьеит 248 545 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 362 183ҩык, урҭ рҟынтә 348 267 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 5237 ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 35 ҩык, астационарқәа рҿы — 2592 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 585ҩык апациентцәа.