Қырҭтәыла акоронавирус 688 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 788ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 688 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 788ҩык, 13ҩык иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла тәылаҿы акороанвирус азы имҩаҧган 15 792 тестқәа.
Аҵоурара арбагақәа: есымшатәи — 4,36%, аҵыхәтәантәи 14мшы рзы — 4,67%, аҵыхәтәантәи бжьымш рзы — 3,87%.
Инеизакны Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕҕәоуп 259 897ҩык, урҭ рҟынтә 251 077ҩык ачымазара иалҵхьеит, 3221ҩык иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 487ҩык, астационарқәа рҿы 2384ҩык, аковид сасааирҭақәа рҿы 292ҩык ауааҧсыра.
Жәабран 2 рзы Қырҭтәыла акоронавирус 858 афактқәа аарҧшын, 580ҩык ачымазара иалҵит.