Қырҭтәыла акоронавирус 656 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 861 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 656 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 861 ҩык, 17 ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 30 469 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 2,15 %, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 2,43%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 2,45%.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара ҟарҵахьеит 245380 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 361 484ҩык, урҭ рҟынтә 347 653ҩык ачымазара иалҵхьеит, 5228 ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 33 ҩык, астационарқәа рҿы — 2612 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 579ҩык апациентцәа.