Қырҭтәыла акоронавирус 585 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 953 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 585 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 953 ҩык, 11 ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 22 073 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 2,65%, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 2,49%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 2,33%.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара ҟарҵахьеит 253 988 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 363 522 ҩык, урҭ рҟынтә 349 658 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 5 266 ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 40 ҩык, астационарқәа рҿы — 2 576 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 598ҩык апациентцәа.