Қырҭтәыла акоронавирус 557 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 639ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 557 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 639ҩык, 10ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 21 890 атестқәа.
Атәылаҿы акороанвирус аарҧшра иҵоуроу арбагақәа: есымшатәи — 2,54 наӡына, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 3,5 наӡына, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 3,23 наӡына.
Инеизакны, Қырҭтәыла акоронаиврус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 264 158ҩык, урҭ рҟынтә 256 024 ачымазара иалҵхьеит, 3321ҩык иҧсит.
Уажәазы акарантин аҿы иҟоуп 386ҩык, астационарқәа рҿы — 2083ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 290ҩык.
Иацы, жәабран 10 рзы, Қырҭтәыла акоронавирус 544 афактқәа аарҧшын, 469ҩык ачымазара иалҵит.