Қырҭтәыла акоронавирус 546 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1 456ҩык ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 546 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа аланарҵәеит атәыла аиҳабыра рпрессмаҵзура.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла ачымазара иалҵит 1 456ҩык, 17ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 11 248 тестқәа.
Инеизакны Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 253 518ҩык, урҭ рҟынтә 242 085ҩык ачымазара иалҵит, 3 055ҩык иҧсит.
Уажәазы атәылаҿы 8 352 активтә фактқәа иҟоуп.
443ҩык аклиникатә сасааирҭақәа рҿы иҟоуп, 4 637ҩык аҩны рҽырыхәшәтәуеит.
Акарантинтә қәырҧшыларақәа рҿы иҟоуп 511ҩык ауааҧсыра.
Иацы, ажьырныҳәа 23 рзы, Қырҭтәыла акоронавирус 998 афактқәа аарҧшын, 1 892ҩык ачымазара иалҵит.