Қырҭтәыла акоронавирус  5450 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа  2306ҩык ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус  5450 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа  2306ҩык ачымазара иалҵит

 

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акоронавирус  5450 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа  2306ҩык ачымазара иалҵит. Ари аинформациа жәбар шәылшоит аиҳабыра иаҧырҵаз авебдаҟьа ҷыда  stopcov.ge. аҿы.

Аепидемиа ианалага инаркны иахьанӡа атәылаҿы акоронавирус адиагноз рзышьаәқырҕәҕәоуп  158 154ҩык, урҭ рҟынтә 129 210ҩык ачымазара иалҵхьеит, 1462ҩык апациентцәа иҧсит.

Акарантин аҿы иҟоуп  1241ҩык,  аҽыҧхьакраҿы  51 262ҩык ачымазаҩцәа.

Ахәышәтәырҭақәа рҿы рҽырыхәшәтәуеит  6 671ҩык ауааҧсыра, аковид-сасааирҭақәа рҿы  — 3 899ҩык, даҽа 13 779ҩык ачымазаҩцәа аҩны рҽырыхәшәтәуеит.

Иацы Қырҭтәыла акоронавирус  5068 афактқәа аарҧшын,  2336ҩык ачымазара иалҵит.