Қырҭтәыла акоронавирус 537 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 494ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 537 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари атәы аарыцҳаит аиҳабыра рпрессмаҵзура аҟынтә.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла ачымазара иалҵит 494ҩык, 34ҩык апациентцәа иҧсит.
24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 5265 атестқәа.
Инеизакны, Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 236 028ҩык, урҭ рҟынтә 224 189ҩык ачымазара иалҵхьеит, 2728ҩык апациентцәа иҧсит.
508ҩык акарантин аҿы иҟоуп, 3867ҩык — ахәышәтәырҭақәа рҿы, 762ҩык — аковид-сасааирҭақәа рҿы.
Ажьырныҳәа 7 рзы Қырҭтәыла акоронавирус 1612 афактқәа аарҧшын, 419ҩык ачымазара иалҵит.