Қырҭтәыла акоронавирус 5326 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 3044 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 5326 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 3044ҩык, 48ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 55 474 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 8,86%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 9,91%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 979 235 афактқәа аарҧшуп, урҭ рҟынтә 922 411 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 14 359 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 2 588 299 алаҵақәа.
Акарантин аҿы иҟоуп 75ҩык, астационар аҿы 4 436 ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы – 2 075 ҩык.