Қырҭтәыла акоронавирус 522 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1074 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 522 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 1074 ҩык, 14 ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 21 922 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 2,38 %, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 2,61 %, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 2,29 %.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара ҟарҵахьеит 206 742 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 353 965ҩык, урҭ рҟынтә 339 392 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 5 048 ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 41 ҩык, астационарқәа рҿы — 3155 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 610ҩык апациентцәа.