Қырҭтәыла акоронавирус 5206 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 4648ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 5206 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 4648ҩык, 53ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 48 615 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 9,34%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 9,77%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 738 171 афактқәа аарҧшауп, урҭ рҟынтә 678 288 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 10 238 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 1 990 501 алаҵақәа.
Акарантин аҿы иҟоуп 37ҩык, ахәышәтәырҭақәа рҿы — 6 468ҩык, аклиникатә сасааирҭақәәа рҿы — 1 159 ҩык.