Қырҭтәыла акоронавирус  507 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа  660ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус  507 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа  660ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит

Қырҭтәыла акоронавирус  507 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит  уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит  660ҩык, 15ҩык апациентцәа иҧсит.

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 24 359 атестқәа.

Атәылаҿы акороанвирус аарҧшра иҵоуроу арбагақәа: есымшатәи — 2,08 наӡына,  аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 3,36 наӡына, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла  — 3 наӡынак.

Инеизакны, Қырҭтәыла акоронаиврус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 264 665 ҩык, урҭ рҟынтә  256 684  ачымазара иалҵхьеит,  3 336 ҩык иҧсит.

Уажәазы акарантин аҿы иҟоуп  304ҩык, астационарқәа рҿы  — 2 045 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы  — 284ҩык.

Иацы, жәабран 11 рзы, Қырҭтәыла  акоронавирус  557 афактқәа аарҧшын,  639ҩык ачымазара иалҵит.