Қырҭтәыла акоронавирус 506 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 285ҩык ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 506 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 285ҩык ачымазара иалҵит, 11ҩык иҧсит. Ари аинформациа жәбар шәылшоит аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 25 751 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус арбагақәа: ҽнак ала — 1,96 наӡына, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 2,16 наӡына, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 2,49 наӡына.
Аепидемиа ҟалеижьҭеит Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 287 689ҩык, урҭ рҟынтә 276 711ҩык ачымазара иалҵхьеит, 3 869ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 198ҩык, ахәышәтәырҭақәа рҿы — 2 190ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы — 301ҩык.
Иацы Қырҭтәыла акоронавирус 777 афактқәа аарҧшын, 342ҩык ачымазара иалҵит.