Қырҭтәыла акоронавирус   504 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа  1201 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус   504 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа  1201 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит

Қырҭтәыла акоронавирус  504  афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда  stopcov.ge. аҿы.

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 1201 ҩык,  17 ҩык апациентцәа иҧсит.

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан  18 288  атестқәа.

Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи  — 2,76%,   аҵыхәтәантәи  14 мшы рыла  —  2,92 %,     аҵыхәтәантәи бжьымш рыла  —  2,99 %.

Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара ҟарҵахьеит  172 216 ҩык.

Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 349 098ҩык, урҭ рҟынтә  333 505 ҩык ачымазара иалҵхьеит,  4 910 ҩык апациентцәа иҧсит.

Акарантин аҿы иҟоуп  25 ҩык, астационарқәа рҿы  —  3418 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы  — 630ҩык апациентцәа.