Қырҭтәыла акоронавирус 475 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1507 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 475 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 1507ҩык, 20ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 8311 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 8,47%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 5,54%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 1 641 874 афактқәа аарҧшуп, урҭ рҟынтә 1 598 286 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 16 663 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 2 842 355 алаҵақәа.