Қырҭтәыла акоронавирус 4581 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 2494 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 4581 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 2494 ҩык, 28ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 46 123 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 8,31%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 8,99%.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә алаҵа ҟарҵахьеит 1 911 877 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 662334ҩык, урҭ рҟынтә 612 481 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 9468ҩык апациентцәа иҧсит.