Қырҭтәыла акоронавирус 4570 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 3045ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акоронавирус 4570 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаау Аоперативтә штаб анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Бердиа Сиҷинава.
Иара иахьазы иҟоу акоронавирус астатистикеи аиҳабыра мҩаҧырго ауснагӡатәқәеи дрылацәажәеит.
«Аинтенсивтә тестирра апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы иҟаҵоуп 19 636 тестқәа, урҭ рыла акоронавирус 4570 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, инеизакны атәылаҿы акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 178 953ҩык ауааҧсыра.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла ачымазара иалҵит 3045ҩык, инеизакны рҽырыхәшәтәхьеит 148 332ҩык атәылауаа. Рыцҳарас иҟалаз, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы иҧсит 43ҩык апациентцәа. Авирус аларҵәара ианалага инаркны иахьанӡа акоронавирус амшала атәылаҿы иҧсхьеит 1 657ҩык апациентцәа. Иахьа иаарҧшыз 4570 афакт ҿыцқәа рҟынтә 2067 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара — 331, Имереҭи — 708, Қвемо Қарҭли — 352, Шида Қарҭли — 214, Гуриа — 72, Гыртәылеи Хыхьтәи Шәантәылеи — 325, Кахеҭи — 272, Мцхеҭа-Мҭианеҭи — 133, Самцхе-Джавахеҭи — 75, Раҷа-Лечхумии Ҵаҟатәи Шәантәылеи -21. Уажәазы атәылаҿы 28 938 активтә чымазаҩцәа иҟоуп, урҭ рҟынтә 6918ҩык ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп.
18 496ҩык аҩны рҽырыхәшәтәуеит. 1019ҩык акарантинтә қәыҧшыларақәа рҿы иҟоуп. 50 724ҩык аҽыҧхьакраҿы иҟоуп.