Қырҭтәыла акоронавирус 4534 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 3742ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 4534 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 3742ҩык. 74ҩык апациентцәа иҧсит.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақырҕәҕәоуп 831 248ҩык, урҭ рҟынтә 772 301ҩык ачымазара иалҵхьеит, 11 810ҩык иҧсит.
Атәылаҿы алаҵақәа ҟарҵахьеит 2 133 935ҩык.