Қырҭтәыла акоронавирус 4234 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1727 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 4234 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 1727ҩык, 46ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 45 006 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 6,61%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 8,17%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 953 410 афактқәа аарҧшауп, урҭ рҟынтә 910 540 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 14 128 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 2 545 490 алаҵақәа.
Акарантин аҿы иҟоуп 47ҩык, астационар аҿы 4365 ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы – 1 053 ҩык.