Қырҭтәыла акоронавирус 419 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 307ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 419 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 307ҩык. Фҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 29 341 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара иҵоуроу арбагақәа: есымшатәи — 1,43 наӡына, аҵыхәтәантәи 14мшы рыла — 1,6 наӡына, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 1,89 наӡына.
Инеизакны Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 279 446 ҩык, урҭ рҟынтә 271 585ҩык ачымазара иалҵхьеит, 3738ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 271ҩык, астационарқәа рҿы — 1563ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 192ҩык.
Иацы Қырҭтәыла акоронавирус 399 афактқәа аарҧшын, 356ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит.