Қырҭтәыла акоронавирус  417 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа  2 469ҩык апациентцәа ачымзара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус  417 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа  2 469ҩык апациентцәа ачымзара иалҵит

 

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акоронавирус  417 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа  2 469ҩык ачымазара иалҵит,  31ҩык апациентцәа иҧсит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла аиҳабыра рпресс-маҵзура.

Аепидемиа ианалага инаркны иахьанӡа атәылаҿы акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп  229 169ҩык ауааҧсыра, урҭ рҟынтә  220 442ҩык ачымазара иалҵхьеит,  2 603ҩык апациентцәа иҧсит.

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы 2 795 тестқәа ҟаҵоуп.

Акарантин аҿы иҟоуп  386ҩык, астационарқәа рҿы  — 4 209ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы  — 840ҩык ауааҧсыра.

Иацы Қырҭтәыла акоронавирус  342 афактқәа аарҧшын,  2 981ҩык ачымазара иалҵит.