Қырҭтәыла акоронавирус  4146 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 2 129ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус  4146 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 2 129ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акоронавирус  4146 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаау Аоперативтә штаб анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Бердиа Сиҷинава.

Иара иахьазы иҟоу акоронавирус астатистикеи аиҳабыра мҩаҧырго ауснагӡатәқәеи дрылацәажәеит.

«Аинтенсивтә тестирра апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы иҟаҵоуп  18 896 тестқәа, урҭ рыла акоронавирус  4146 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, инеизакны атәылаҿы акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп  183 099ҩык ауааҧсыра.

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла ачымазара иалҵит  2 129ҩык, инеизакны рҽырыхәшәтәхьеит  150 461ҩык атәылауаа. Рыцҳарас иҟалаз, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы иҧсит  37ҩык апациентцәа.  Авирус аларҵәара ианалага инаркны иахьанӡа акоронавирус амшала атәылаҿы иҧсхьеит 1 694ҩык апациентцәа. Иахьа иаарҧшыз  4146 афакт ҿыцқәа рҟынтә  1 708 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара — 313, Имереҭи  —  636, Қвемо Қарҭли  — 281,  Шида Қарҭли  — 268, Гуриа  — 82,  Гыртәылеи Хыхьтәи Шәантәылеи  — 397, Кахеҭи  — 252,  Мцхеҭа-Мҭианеҭи  — 116,  Самцхе-Джавахеҭи — 69,  Раҷа-Лечхумии Ҵаҟатәи Шәантәылеи  -24. Уажәазы атәылаҿы  30 918 активтә чымазаҩцәа  иҟоуп, урҭ рҟынтә  6881ҩык ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп.

20 637ҩык аҩны рҽырыхәшәтәуеит.  1017ҩык акарантинтә қәыҧшыларақәа рҿы иҟоуп. 51 664ҩык аҽыҧхьакраҿы иҟоуп.