Қырҭтәыла акоронавирус 404 афактқәа аарҧшуп, даҽа 799ҩык ачымазара иалҵит
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акоронавирус 404 афактқәа аарҧшуп, даҽа 799ҩык ачымазара иалҵит, 14ҩык иҧсит. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажааны ирҿыцыз аиҳабыратә вебсаит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 13 573 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аарҧшра арбагақәа абас иҟоуп: мышкала — 2,95%, аҵыхәтәантәи 14 рыла — 3,87%, 7мшы рыла — 3,64%.
Апандемиа ианалага инаркны иахьанӡа Қырҭтәыла акороанвирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 262 024ҩык, урҭ рҟынтә 253 614ҩык ачымазара иалҵит, 3 283ҩык апациентцәа иҧсит.
Иахьазы акарантин аҿы иҟоуп 450ҩык, ахәышәтәырҭақәа рҿы — 2 230ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 294ҩык.
Иацы Қырҭтәыла акоронавирус 602 афактқәа аарҧшын, 569ҩык ачымазара иалҵит.