Қырҭтәыла акоронавирус 4009 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 5177ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 4009 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 5177ҩык, 45ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 46 107 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 8,97%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 8,89%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 707 290 афактқәа аарҧшауп, урҭ рҟынтә 647 878ҩык ачымазара иалҵхьеит, 9918ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 1 965 714 алаҵақәа.
51ҩык акарантин аҿы иҟоуп, 6 271 ҩык — астационар аҿы, 996ҩык — ковид-асасааирҭақәа рҿы.