Қырҭтәыла акоронавирус 4 446 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 5 320 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 4 446 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 5 320 ҩык, 77ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 50 026 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 9,63%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 9,05%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 800 293 афактқәа аарҧшауп, урҭ рҟынтә 737 316 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 11 289 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 2 074 270 алаҵақәа.
Акарантин аҿы иҟоуп 52ҩык, астационар аҿы 6 505 ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы – 1 170 ҩык.