Қырҭтәыла акоронавирус 4 321 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 4 301ҩык ачымазара иалҵит
Аинтенсивтә тестирра аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акороанвирус 4 321 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари атәы аанацҳаит Қырҭтәыла аиҳабыра рпрессмаҵура.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла ачымазара иалҵит 4 301ҩык, 42ҩык апациентцәа иҧсит.
24 сааҭ рыла атәылаҿы иҟаҵоуп 14 396 атестқәа.
Аепидемиа ианалага инаркны иахьанӡа атәылаҿы акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 162 475ҩык ауааҧсыра, урҭ рҟынтә 133 511ҩык ачымазара иалҵит, 1504ҩык апациентцәа иҧсит.