Қырҭтәыла акоронавирус 4 033 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 4 061ҩык ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акороанвирус 4 033 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәәтантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы даҽа 4 061ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит. 24 сааҭ рыла иҧсит 39ҩык апациентцәа.
Инеизакны Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 143 376ҩык, урҭ рҟынтә 121 621ҩык ачымазара иалҵхьеит, 1 342ҩык апациентцәа иҧсит.
Иацы Қырҭтәыла акоронавирус 3 759 афактқәа аарҧшын, 3 574ҩык ачымазара иалҵит.