Қырҭтәыла акоронавирус 399 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 356ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 399 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 356ҩык, жәаҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭәтыла акоронавирус азы иҟаҵан 25 638 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аарҧшра иҵоуроу арбагақәа: есымшатәи — 1,56 наӡына, аҵыхәтәантәи 14 мшы рзы — 1,58 наӡына, аҵыхәәтантәи бжьымш рыла — 1,92 наӡына.
Инеизакны, Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 279 027ҩык, урҭ рҟынтә 271 278ҩык ачымазара иалҵхьеит, 3732ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 262ҩык, астационарқәа рҿы — 1515ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 195ҩык.
Иацы Қырҭтәыла акоронавирус 450 афактқәа аарҧшын, 254ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит.