Қырҭтәыла акоронавирус 395 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 310ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 395 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 310ҩык апациентцәа, 9ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 24 594 атестқәа.
Атәылаҿы иҵоуроу арбагақәа: есымшатәи — 1,61 наӡына, аҵыхәтәантәи 14мшы рыла — 1,5 наӡына, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 1,83 наӡына.
Иахьа уажәраанӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 274 045ҩык, урҭ рҟынтә 267 421ҩык ачымазара иалҵхьеит, 3622ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 252ҩык, астационарқәа рҿы — 1324ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы 133ҩык.
Хәажәкыра 10 рзы Қырҭтәыла акоронавирус 513 афактқәа аарҧшын, 96ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит.