Қырҭтәыла акоронавирус 390 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы 172ҩык ачымазара иалҵит, 10ҩык иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 22 022 атестқәа.
Атәылаҿы иҵоуроу арбагақәа: есымшатәи — 1,77%, аҵыхәтәантәи 14мшы рыла — 1,62%, аҵыхәтәанәти бжьымш рыла — 1,31%.
Инеизакны Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 272 262ҩык, урҭ рҟынтә 266 253ҩык ачымазара иалҵит, 3563ҩык апациентцәа иҧсит.
300ҩык акарантин аҿы иҟоуп, 1379ҩык — астационарқәа рҿы, 154ҩык — аковид-сасааирҭақәа рҿы.
Хәажәкыра 4 рзы Қырҭтәыла акоронавирус 133афактқәа аарҧшын, 276ҩык ачымазара иалҵит.