Қырҭтәыла акоронавирус 3842 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 777 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 3842 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 777ҩык, 31ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 34 000 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 7,45%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 9,17%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 959 874 афактқәа аарҧшуп, урҭ рҟынтә 912 443 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 14 187 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 2 551 413 алаҵақәа.
Акарантин аҿы иҟоуп 51ҩык, астационар аҿы 4418 ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы – 1493 ҩык.