Қырҭтәыла акоронавирус 362 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 470ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 362 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла даҽа 470ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, 12ҩык иҧсит.
Апандемиа ҟалеижьҭеи Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 269 800ҩык, урҭ рҟынтә 263 727ҩык ачымазара иалҵит, 3 475ҩык иҧсит.
Аҵыхәәтантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы имҩаҧгоуп 22 501 атестқәа.
Есымшатәи иҵоуроу арбага 1,61 наӡына иаҟароуп, аҵыхәәтантәи 14 мшы рыла — 2,28 наӡына, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 2,25 наӡына.
302ҩык акарантин аҿы иҟоуп, 1553ҩык астационарқәа рҿы ишьҭоуп, 180ҩык — аковид-сасааирҭақәа рҿы.