Қырҭтәыла акоронавирус 359 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 526ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 359 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 13 685 атестқәа.
Атәылаҿы авирус аларҵәара арбагақәа: ҽнакала — 2,62%, аҵыхәтәантәи 14мшы рыла — 2,31%, аҵыхәтәантәи 7 мшы рыла — 2,51%.
Инеизакны Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 288 755ҩык атәылауаа, урҭ рҟынтә 277 829ҩык ачымазара иалҵхьеит, 3883ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 188ҩык, астационарқәа рҿы — 2422ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 295ҩык апациентцәа.
Иацы Қырҭтәыла акоронавирус 707 афакт ҿыцқәа аарҧшын, 592ҩык ачымазара иалҵит, ааҩык иҧсит.