Қырҭтәыла акоронавирус 357 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 652ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 357афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 652ҩык, 15ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 19 345 атестқәа.
Атәылаҿы акороанвирус аарҧшра иҵоуроу арбагақәа: есымшатәи — 1,85%, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 3,06%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 2,76%.
Инеизакны, Қырҭтәыла акоронаиврус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 265 557 ҩык, урҭ рҟынтә 258 093 ачымазара иалҵхьеит, 3 352 ҩык иҧсит.
Уажәазы акарантин аҿы иҟоуп 212ҩык, астационарқәа рҿы — 1 948, ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 238 ҩык.
Иацы, жәабран 13 рзы, Қырҭтәыла акоронавирус 535 афактқәа аарҧшын, 757ҩык ачымазара иалҵит.